Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа идҵала Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба есымчыбжьатәи аилатәара мҩаҧигеит Аиҳабыреи Ахада Иадминистрациеи рнапхгара алархәны.
Аизара алахәцәа азааҭгылеит атәыла ҳазҭагылоу аамҭазтәи аҧсҭазаара иадҳәалоу азҵаатәқәа, ҷыдала, афымцамч инамаданы иҟоу аҭагылазаашьа.
Ареспубликатә унитартә наплакы "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Зураб Багаҧшь иҟаиҵаз адыррала, ҧхынҷкәынмза 26 рзы уахгьы-ҽынгьы афымцамч ахархәара иартәеит 10 млн.кВт.с.
"Урыстәылатәи аган иаанашьҭыз алимит афымцамч амҽхак маҷк ахьчеит. Уи иабзоураны, уажәы иааиҧмырҟьаӡакәа ирыҭоуп.
Аҧкрақәа ыҟан Егры Афымца станциаҟынтә афымца зауаз "Шьешьелети-1 ацәаҳәаҟны, аха иацы урҭ аҧкрақәагьы амхын. Афымцамч аҿыхрақәа зыхҟьо аҭыҧ аҟны иҟало амашәырқәа мамзаргьы иалкааны астанциа маҷк ацәаҳәаҟны акаҭа иаиуа аидара мыцхәы иадҳәалоуп.
Иазааҭгылан иара убас ахархәара зызу афымцамч узырбо амыругақәа рызҵаара. Аҧыза-аминистр ихаҭыҧуаҩ Кристина Озган илҳәеит афымцамч ахархәаҩцәа рганахьала имҩаԥырго афинанстә леишәа арӷәӷәара иазкны имҩаԥгоу ауснагӡатәқәа ртәы. Ирылацәажәан егьырҭ асоциал-економикатә зҵаарақәа.
Аилацәажәара иалахәын Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.