Имҩаԥысит Аԥсны Ахадеи урыстәылатәи аԥсуа наплакҩцәеи рыбжьара иаарту аиҿцәажәара

Имҩаԥысит Аԥсны Ахадеи урыстәылатәи аԥсуа наплакҩцәеи рыбжьара иаарту аиҿцәажәара

Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҟны имҩаԥысит Аԥсны Ахадеи урыстәылатәи аԥсуа наплакыҩцәа рхаҭарнакцәеи злахәыз  иаарту аиҿцәажәара.

Аиҿцәажәараан Ахада абизнес-уаажәларра ахаҭарнакцәа рҟынӡа инеигеит аҳәынҭқарра имҩаԥнаго аекономикатә хырхарҭазы аинформациа, иара убас ирылацәажәан иактуалтәу аполитикатә мышхәаԥштә аҟны иқәгылоу атемақәа.

Ҷыдала, Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика адәныҟатәи аинвестициақәа радԥхьалара, апартаментқәа рыстатус азинтә ҳәаақәҵара, афымцамчтә усхк иадҳәалоу апроблемақәа ирызку уҳәа, егьырҭ атемақәагьы.

Арҭ азҵаарақәа рзы агәаанагарақәа реимдара анаҩс, иӡбан Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны инарҭбаау аиԥылара амҩаԥгаразы аишәа гьежь аиҿкаара.



Возврат к списку