Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаԥигеит

20.12.2022

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаԥигеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аилацәажәара иара убас иалахәын Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ, Зураб Қаџьаиа
Азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа Ахада инапынҵақәа рымҩаԥысшьа инамаданы адырра ҟарҵеит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба адырра ҟаиҵеит аусбарҭа азинеилагарақәа рзы агәҽанҵарақәеи, ацәгьоура алмыршареи, амҩа-транспорттә ныҟәара ашәарҭадара алыршареи ирызкны имҩаԥысуа ареидтә усмҩаԥгатәқәа рзы. Ареидқәа рырӷәӷәареи маӡала апатрульреи алҵшәа бзиақәа аадырԥшит», – иҳәеит министр.

Аилацәажәараҟны амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа ирыдҵан ашықәсҿыцазтәи аусмҩаҧгатәқәа рымҩаԥгараан ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа рырӷәӷәара.

Апрокурор хада Адгәыр Агрба  ауаажәларраҿы агәҭынчымра цәырызго ашьаустә усқәа рыҭҵаара шымҩаҧысуазы адырра ҟаиҵеит. Агрба иара убасгьы иазгәеиҭеит ареспубликатә телеканалқәа рыла акоррупциатә хырхарҭа змоу аусӡбаратә процессқәа.еиҳа инарҭбааны рырбара шаҭаху.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org