Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациаҿы имҩаҧысит В. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза "Аҟәа" хәҭа-хәҭалатәи аҿиаразы аплан апроект аӡыргара.
Ленаҳаиртәпроект аҳаиртә транспорт апроекттә институт апроект-харџьынҵатә документациеи хәҭа-хәҭалатәи арҿиара аплан апроект азырхиареи аус рыдызуло аҧсшәа раҳәо, Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба иазгәеиҭеит аҳаиртә баӷәаза аусура аларгаразы абри апроект иамоу аҵак ду.
"Атәылазы аҵак ду змоу апроект анагӡара ҷыдала ахылаҧшра аиҭоит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Ҳарҭ иаҳҭахуп аиҭашьақәыргылара ахаҭабзиара аманы ианаамҭоу имҩаԥысырц. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит иахьазы иҟаҵоу аусуразы.Агәра згоит алҵшәа шыбзиахо", - иҳәеит Б. Гәынба.
Апрезентациа иалахәын Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Валери Папба, Зураб Қаџьаиа, аҧыза-министр, аекономика аминистр Кристина Озган, аекономика аминистр ихаҭыҧуаҩ Ҭемраз Амқәаб, В. Арӡынба ихьӡ зху "Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза "Аҟәа" адиректор Виачеслав Ешба.
--