Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз ргәалашәара амш инамаданы алахьеиқәратә усмҩаԥгатә далахәын

14.12.2022

Ахада Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз ргәалашәара амш инамаданы алахьеиқәратә усмҩаԥгатә далахәын

Ахада Аслан Бжьаниа дызхагылоу Аԥсны анапхгара Гәдоуҭа ақалақь аҟны Лаҭатәи атрагеидиа иалаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Амитинг аҟны дықәгылеит Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.

Иахьа ҩажәижәаба шықәса ҵит ари арыцҳара ҟалеижьҭеи. Алахьеиқәратә усмҩаԥгатә иалахәын Апарламент адепутатцәа, аиҳабыра алахәцәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рыуацәа, ашколхәыҷқәа, ареспублика араионқәа зегьы рыҟнытә ауааԥсыра.
Ҩажәижәаба шықәса раԥхьа, 1992 шықәса ԥхынҷкәынмза 14 рзы, Кәыдры аҩхааҟны Лаҭа ақыҭан ақырҭуа архәҭақәа амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟнытә Гәдоуҭаҟа иаауаз урыстәылатәи авертолиот еихсны икарыжьит. Убасҟан иҭахеит 85-ҩык ауаа, урт рыҩныҵҟа иҟан 35-ҩык ахәыҷқәа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны ари амш ахааназы агәалашәареи алахьеиқәреи ирымшны инхоит. Имӷьаӡо ахәра ҳзыннажьит имицыз асабицәа, ахәыҷқәа, аҳәса рҭахара. Иазгәаҭатәуп, ари атрагедиа иахьагьы адунеитә уаажәларра аганахьала иахәҭоу ахәшьара шамоуц.
Рхьаа рыцеиҩаҳшоит Лаҭатәи атрагеидиаҟны иҭахаз. Абри арыцҳара ҟалеижьҭеи ҩажәижәаба шықәса шҵызгьы, ицәгьоуп агәырҩа хызҽуа иахәҭоу ажәақәа рҳәара.
Сгәы иаанагоит абс еиԥш иҟоу ахҭыс хлымӡаахқәа аринахыс адунеи аҟны иҟамлап ҳәа», - иҳәеит Бадра Гәынба.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org