Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аиҳабыреи Ахада Иадминистрациеи рнапхгара алархәны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит.
Аилацәажәараан иахәаԥшын асоциалтә-економикатә ҿиареи аинвестпрограмма анагӡареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа. Аилацәажәара алахәцәа адырра ҟарҵеит аҳәынҭқарра Ахада изыӡбақәеи инапынҵақәеи аҭыԥаҟны рынагӡара шымҩаԥысуа азы. Иара убас иалацәажәеит ДЖӘР-еи ЛЖӘР-еи рхәыҷқәа рзы агуманитартә цхыраара аиҿкаареи ашьҭреи ирызкыз азҵаара.
Аслан Бжьаниа иаҵшьны иҳәеит Ахада иҟаиҵаз адҵақәа рынагӡара зду аусбарҭақәа русеицура аҭахны ишыҟоу.