Апсны аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩы Сократ Џьынџьал Аԥсны амилаҭ-хақәиҭратә қәԥареи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылареи рыҟны акрызҵазкуа илагаламҭазы "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара ианеишьеит.
Аҳамҭа анашьара мҩаԥысит Ахада Иадминистрациаҟны ԥхынҷкәынмаз 12 рзы.
Ԥхынҷкәынмза 11 рзы Сократ Џьынџьал 85 шықәса ихыҵит.