Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны зхы иақәиҭыртәыз адгьылҵакырақәа рыҟны инхо ахәыҷқәа рзы агәыҳалалратә цхырааразы аидара аидкылара иацҵоуп

08.12.2022

Аҧсны зхы иақәиҭыртәыз адгьылҵакырақәа рыҟны инхо ахәыҷқәа рзы агәыҳалалратә цхырааразы аидара аидкылара иацҵоуп

Аҧсны зхы иақәиҭыртәыз адгьылҵакырақәа рыҟны инхо ахәыҷқәа рзы агәыҳалалратә цхырааразы аидара аидкылара иацҵоуп.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа  идҵала араионқәа зегьы рыҟны еиҿкаауп   агәыҳалалратә цхыраара аизгарҭатә ҭыҧ. Атәылауаа активла рҽаладырхәит ари акциа. Очамчыра араион аҟны убас еиҧш иҟоу аҭыҧқәа руак даҭааит  аҳәынҭқарра Ахада.

Ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит агәыҳалалратә акциа рхы алазырхәыз араион анхацәа.
"Ҳара ҳажәлар агәыразреи агәбылреи злоу уаауп.  Аидара аизгара зхы алазырхәыз зегьы аӡәаӡәала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Агәыҳалалратә акциа аҽалархәра - уи зегьы ианреиҵаха иҳалшо ауп.
Ҳазҭагылоу аамҭазы ҳзыцхыраауа рзы ари аҵак ду амоуп", - иҳәеит А. Бжьаниа.
Мышқәак ирылагӡаны Очамчыра араион еизыргеит 7,5 тонна амандарин.
Уи анеизгахалак анаҩс, ишаны аҭрақәа ирҭаҵаны урыстәылатәи арегион ҿыцқәа рахь ашьҭра иаздырхиоит.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org