Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада урыстәылатәи арегионқәа рыҟны инхо ахәыҷқәа рзы агәыҳалалратә еидара адәықәҵара инамаданы аиԥылара мҩаԥигеит

05.12.2022

Ахада урыстәылатәи арегионқәа рыҟны инхо ахәыҷқәа рзы агәыҳалалратә еидара адәықәҵара инамаданы аиԥылара мҩаԥигеит

Аҧсны Донецктәии Лугансктәии Жәлар рреспубликақәа, иара убас Херсонсктәии Запорожсктәии аобластқәа рыҟны инхо ауааԥсыра рзы агәыҳалалратә цхыраара ашьҭразы азыҟаҵарақәа цоит.

Ахада аиԥылара мҩаԥигеит абизнес уаажәларра ахаҭарнакцәа ааԥхьаны, Урыстәыла арегион ҿыцқәа рыҟны инхо ахәыҷқәа рзы агәыҳалалратә еидара аиҿкаара азҵаара алацәажәаразы.

Аҳәынҭқарра Ахада агәыҳалалратә цхыраара аҟаҵараҟны Аԥсны анаплакҩцәа адиԥхьалеит агәацԥыҳәарала рхы аладырхәырц.

Ахада иазгәеиҭеит Аҧсны атәылауаа аӡәырҩы ашықәсҿыцазтәи агәыҳалалратә акциа аҽалархәразы агәаҳәара шрымоу, Донецктәии Лугансктәии Жәлар рреспубликақәеи, Херсонсктәии Запорожсктәии аобластқәеи рхәыҷқәа ацхыраара рыҭаразы. Урҭ ирыӡбеит рбаҳчақәа рҟынтә амандарин ҿыхны Ашықәс Ҿыц азы аҳамҭа рзырышьҭырц.

Абри инамаданы, аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа инапы иаҵан ареспублика ақалақьқәа зегьы рыҟны амандарин еизгаразы апунктқәа реиҿкаара. Урҭ ақалақьқәа рыҟны иҟоу ашҭақәа рҿы ауааԥсыра рҽаҩра наргар рылшоит.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит: «Ашықәс ҿыц ааиуеит лассы, уи амандарин афҩыхаа ацуп. Аныҳәазы уажәеиԥш аамҭа хьанҭа иҭагылоу ахәыҷқәа рзы ари ҳамҭа бзиоуп. Шәаргьы ҳаргьы абри аныҳәа рзыҟаҳҵароуп!»


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org