Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аԥсны иофициалтәым визитла даҭааит Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Рустам Минниханов

04.12.2022

Иахьа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аԥсны-урыстәылатәи аҳәааҟны иофициалтәым визитла Аёпсны иаҭааз Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Рустам Минниханов диԥылеит.

Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Аԥсныҟа иааира аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рҳәаа иҭагӡаны аусеицура арҿиара иадҳәалоуп.

2022 шықәса ԥхынгәымза 16 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  усуратә визитла Ҭаҭарсҭан Ареспублика даҭааит.

Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Рустам Минниханов Аԥсны раԥхьаӡакәны официалтә визитла даҭаахьан 2015 шықәса жьҭаарамза 1 азы.



Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org