Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит

02.12.2022

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа асоциалтә каҭақәа рыҟны афымцамчтә усхк аҟны аҧаратә хархәагақәа рӷьычра аҭыԥ амоуп ҳәа ицәырҵыз адокументқәа рҵыхәала уаанӡа иҟаиҵаз адҵа ахьынӡанагӡоу инамаданы, Амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа алархәны изаамҭанытәиу аилацәажәара мҩаҧигеит.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Апрокурор хада Адгәыр Агрба атәыла Ахада  адырра ииҭеит имҩаҧгоу аусурақәа рзы. Иара иҟаиҵаз адыррала,  ҳазҭоу ашықәс абҵарамза 16  инаркны мҽхакы ҭбаала аусура мҩаҧгоуп, урыстәыла аганахь ала аиқәшаҳаҭра абжьаҵара иадҳәалаз аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа зегьы иразҵаан.  "Ҳазҭагылоу аамҭазы иахәҭоу ажәанҵақәа дәықәҵоуп, аекспертиза дәықәҵоуп изықәнагоу аусбарҭа ашҟа. Агәаҭарақәа рымҽхак аҭбаареи рымҩаҧгара иацу ауадаҩрақәеи ҳасаб рзуны ари аамҭа азхартә иҟам. Аамҭа аҭахуп, аха иалкааны аҿҳәара  шьақәыргылара алшаӡом", -иҳәеит  Агрба.

Убри аангьы Адгәыр Агрба адырра ҟаиҵеит, Апрокуратура хада ашҟа ааҧхьара шрымаз атәылауаа Арӡынбеи, Кокаиеи, урҭ ицәырыргеит Аҧсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа афымцамчы аминистрреи зықәшаҳаҭыз еицәажәаны ишьақәдыргылаз амыругақәеи аматериалқәеи. "Убарҭ адокуменқәа рыда  апрокуратурахь акагьы аагамызт", - иҳәеит Агрба.

Ахада Апрокуратура хада иадиҵеит ари азҵаара ааиԥмырҟьаӡакәа хылаҧшра арҭаларц, аҳәынҭқарра Ахада имҩаҧысуа аусурақәа рзы адырра ирҭаларц.
Аиҧылара иалахәын Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут, Аконтрольтә палата ахантәаҩы Роберт Аршба.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org