23.11.2022
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа амобилизациатә зыҟаҵара иазку ауснагӡатәқәа рынагӡара азҵаарақәа инарыдҳәаланы аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит Ашәарҭадара ахеилак алахәцәа алархәны.
Аиԥылара иалахәыз аҳәынҭқарра Ахада адырра ирҭеит Ашәарҭадара ахеилак аҵыхәтәантәи аилатәараҟны ирыдыркылаз азыӡбақәа рынагӡара шымҩаԥысуазы.