Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ицхырааҩ Владиславом Суркови реиҧылара иазку аинформациатә цҳамҭа

16.02.2015

Аҟәа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба дырҧылеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ицхырааҩ Владиславом Сурков напхгара ззиуаз аделегациа.

Аделегациа иара убас иалан: Аҩада Кавказ аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аминистр Лев Кузнецов; Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызаратә Еидгылара иалахәу аҳәынҭқаррақәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра, Алада Уаҧстәылатәи Ареспублика асоциалтә-економикатә аус рыцуразы Урыстәылатәи Афедерациа Аусбарҭа аиҳабы Олег Говорун; Аҩада Кавказ аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа аминистр ихаҭыҧуаҩ Андрей Резников; Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызаратә Еидгылара иалахәу аҳәынҭқаррақәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра, Алада Уаҧстәылатәи Ареспублика асоциалтә-економикатә аус рыцуразы Урыстәылатәи Афедерациа Аусбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩы Денис Травин; Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ицхырааҩ В. Иу. Сурков иаппарат анапхгаҩы Алеқсандр Павлов.

Урыстәылатәи аделегациа авизит аҳәаа иҭагӡаны Аҧсны Аҳәынҭқарра анапхгареи амаҵуруааи алархәны имҩаҧысит аусуратә еилацәажәарақәа.

Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы Аинвестициатә программа анагӡара шымҩаҧысуа иазкыз аилацәажәара амшхәаҧштәы аҟны иҟан 2015–2017шш. Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы Аинвестициатә программа анагӡара азырхиара иазкыз азҵаарақәа, иара убас 2014 ш. Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы Аинвестициатә программа инақәыршәаны аобиектқәа рыргылара ахыркәашара амҩаҧысшьа ахәшьара аҭара. Аилацәажәара алагамҭазы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аҧсуа-економикатә еизыҟазаашьақәа рыгәреибагаратәи реиҩызаратәи еизыҟазаашьақәа, иара убас агәыҕра шимоу иҳәеит Аҧсны аекономика аҟәша аҿиара иазку аусхкқәеи аусмҩаҧгатәқәеи, атәыла асоциалтә-економикатә ҭагылазаашьа ахаҭабзиара аиҕьтәразы алшарақәа раҧҵареи рганахьала Урыстәыла адгылара шыҟанаҵо ала.

В. Иу. Сурков иҳәеит, Урыстәыла анапхгара ишаӡбаз урыстәылатәи аекономикаҿы ауадаҩрақәа шыҟоугьы, Урыстәыла Аҧсны ианаҭо афинанстә цхыраара ашәагаа агмырхара, уи ҩынтә иеиҳатәны 9,3млрд рҟынӡа ишышьҭыххо. Урыстәылатәи аган иазгәанаҭеит 2014 шықәсазтәи Аинвестициатә программа анагӡара аихшьалала аихьӡарақәа шмаҷым, уи инақәыршәаны 50 обиект рыргылара шхыркәшоу, 4 обиектк ҳазҭоу ашықәс жәабран нҵәаанӡа ишрыҭахо. Аганқәа иазгәарҭеит Аинвестициатә программа анагӡара азҵаарақәа рхылаҧшра аартны ишымҩаҧгатәу.

Аидгылареи астратегиатә еиҩызареи ирызку Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭрала иазгәаҭоу аизыразрақәа разырхиара амҩаҧысшьа иазкыз аилацәажәараҟны аганқәа ирылацәажәеит Аҧсуа ган имҩаҧнаго атәылахьчареи, ашәарҭадареи, асоциалтә еиқәыршәареи рызҵаарақәа рзы аҟәшатә еизыразрақәа разырхиара аус аҿы иҟоу заатәи алҵшәақәа.

Аиҧылара аихшьала азуа Р. Џь. Ҳаџьымба иҳәеит: « Имҩаҧысит ҵакы змоу, хәарҭара змоу аицәажәара. Урыстәылатәи Афедерациа Аҧсны афинанстә дгылара анаҭалоит. Аинвестициатә программала иазгәаҭоу аусурақәа нагӡахоит. Амҩақәеи, асоциалтә обиектқәеи, егьи аинфраструктуреирыдагьы ҳара ҳрызҿлымҳауп атәыла аекономика аҿиара иазку апроектқәа. Иҟоуп зҵаарақәа хара имгакәа иҳаӡбараны иҟоу. Асоциалтә сфера атәы ҳҳәозар, ҳара аобиектқәа рыргылара ҳаҿуп урҭ рныҟәгаразы абиуџьет аҟны ахарџьқәа арбаӡамкәа. Ҳара макьана уи еиҧш аҧаратә хархәагақәа ҳамаӡам, аха иазгәасҭарц сҭахуп, уи аганахьала аусурагьы шымҩаҧысуа: ашәахтә ҟәша аусура иабзоураны урҭ ирылҵуа аизагарақәа рыла аихьӡарақәа ыҟоуп. Ҳара ақыҭанхамҩа, атуристтә ҟәша, аенергетика иадҳәалоу иреалтәу аекономика асектор арҿиара ҳалагароуп. Ҳара арҭ азҵаарақәа зегьы ҳрылацәажәахьеит. Урҭ рыӡбара ҳалагоит».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org