Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсни Урыстәылеи жәлар рартист Хьыбла Герзмааҧҳа лҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа

23.02.2015

Жәабран 23, 2015 шықәса. Ахада Иусбарҭа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иналукааша аоператә шәаҳәаҩы, Аҧсни Урыстәылеи жәлар рартист Хьыбла Герзмааҧҳа дылҧылеит.

Рауль Ҳаџьымба ашәаҳәаҩ иланаишьеит иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа – "Ахьӡ-Аҧша" аорден I аҩаӡара. Хьыбла Герзмаа ари аҳамҭа ланашьан жәларбжьаратәи азхаҵара зауз акультуреи аҟазареи рҿы илымоу аихьӡара дуқәа рзы. была удостоена этой награды за выдающиеся достижения в

Ахада артист илзеиҕьаишьеит арҿиаратә еихьӡара ҿыцқәа, иагьазгәеиҭеит Аҧсны аҭоурых аҿы раҧхьаӡакәны – "Ахьӡ-Аҧша" аорден аҧҳәыс ишланашьахаз. «Ҳара ҳарзыгәдууп Шәара шәықәҿиарақәа, ахә ҳаракны иаҳшьоит ҳҳәынҭқарра адунеи аҿы аҳаҭыр ашьҭыхразы Шәара иҟашәҵо алагала»,- иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

«Аҳамҭа шсанашьахаз атәы Ниу-Иорк сшыҟаз исаҳаит. Даара сгәы иахәеит, ари аҳамҭа ҳаҭыр дуӡӡа сзақәуп сара. Сазгәдуны иныҟәызгалоит»,- иазгәалҭеит Хьыбла Герзмааҧҳа.

Аиҧылараҿы ирылацәажәан Аҧсны акультуреи аҟазареи, лымкаала Пицунда амузыкатә фестиваль «Хьыбла Герзмаа шәаалыҧхьоит…» аиҭарҿыхара. «Насыҧ сымоуп ҳәа исыҧхьаӡоит, Рауль Џьумка-иҧа, азал аҿы шәызбар», - азгәалҭеит ашәаҳәаҩ.

Ахада Хьыбла Герзмаа агәра лиргеит Аҧсны ахадара аганахьала ганрацәалатәи адгылара шлыҭахо.

Аиҧылара иара убас иалахәын Аҧсны Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Астамыр Ҭаниа, Акультура аминистр Ельвира Арсалиа, Аекономика аминистр Николаи Ачба.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org