19.02.2015
Жәабран 19, 2015 шықәсаәа .Аҟәа араион. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа араион актив дырҧылеит. Аиҧылара иалахәын Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Жәлар Реизара Аҟәа араион аҟнытә адепутатцәа Валери Кәарҷиа,Фазлыбеи Аҩыӡба.
Ахада бзиала уаабеит ҳәа иаҳәо, Аҟәа араион Аусбарҭа ахада Беслан Аҩӡба аизара иалахәыз ирзеиҭаиҳәеит араион иаҵанакуа адгьылқәеи аобиектқәеи инвентаризациа рзуразы имҩаҧысуа аусура атәы. «Иара убри аангьы, уаанӡа иҟамыз, ҳраион ааигәеи аҧхьаҟатәи аамҭақәа рзы аҿиара апрограмма аиқәыршәара аус адулара ҳаҿуп», - иациҵеит Аҩӡба.
Иара убас уи иеиҭаиҳәеит араион Аизареи араион Аусбарҭеи еидгыланы иаҧырҵо ауаажәларратә дкыларҭа атәы ақыҭақәа русбарҭақәеи дареи реимадара арҕәҕәаразы. Беслан Аҩӡба Аҧсны Ахада иаиҳәеит Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы Аинвестициатә программа аҳәаа иҭагӡаны аусура амҩаҧгаразы апроекттә-харџьынҵатә шәҟәқәа шазырхиоу. Иара убас иазгәеиҭеит уаанӡа Аҟәатәи араион амҩақәа реиҭашьақәыргылареи, аӡымҩангагақәа рышьҭаҵареи рзы ас еиҧш ҧарала ацхыраара аиуны ишыҟамлацыз. Аусбарҭа ахада иҳәеит игәаанагара араион аҟны аус зуа анаплакқәа ирылҵуа ашәахтәқәа зегьы араион абиуџьет азныжьра ашаҭаху азы.
Иеизаз рахь ихы нарханы Раули Ҳаџьымба агәра игар шиҭаху иҳәеит Аҟәатәи араион аҟны иҟоу ауадаҩрақәеи ҧхьаҟа аҿиареи ирыдҳәаланы иаарту аицәажәара шымҩаҧысуа атәы. Ахада иҳәеит атәыла аекономика аҭагылазаашьа шыхьанҭоугьы уи алҵразы алшарақәагьы шыҟоу. «Урыстәыла иара ауадаҩрақәа шамоугьы, ҳтәыла ианаҭо ацхыраара иацнаҵоит. Уахь иаҵанакуеит атәанчахәқәеи ауалафахәқәеи рышьҭыхра. Уи хышықәса рыҩныҵҟала.
Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы Аинвестициатә программа анагӡара иацҵо, асоциалтә проектқәа рыдагьы, уи шьҭа Аҧсны ааглыхра аҿиарагьы иазкхоит»,- иациҵеит уи. .
Раули Ҳаџьымба аизара иалахәыз иреиҳәеит имҩаҧысуа арҭ аусхкқәа зегьы ҳара иҳамоу асоциалтә-економикатә проблемақәа Урыстәыла ажәҩа иқәаҳҵоит ҳәа аанагаӡом.
«Ҳара ихьыҧшым ҳәынҭқарроуп аҟнытә ҳастатус Аконституциаҟны мацара акәымкәа, ҳекономикатә лшарақәа рылагьы ҳақәшәо ҳҟалароуп»,- иҳәеит Ахада.
Аиҧылараҿы ишьҭыхын аҳәынҭқарратә биуџьет адкылара апроцесс иадҳәалоу, аконституциатә еиҭакрақәа, иара убас араионтә еизарақәа рзиннаӡақәа рырҭбаара, асоциалтә инфраструктура уҳәа азҵаарақәа жәпакы.
«Аҟәатәи араион, еиҳарак, қыҭанхамҩатә раионуп, аха атуристтә лшара дуқәагьы амоуп, иахьагьы иаҧаҳҵар ҳалшоит араион аекономика аҿиаразы ицхыраагӡаны иҟалаша аҭыҧқәа.
Иаҳҳәап, иҟоуп абаҕәазатә лшарақәеи аидара мҩангара арҿиареи ирыдҳәалоу зҿлымҳара зыҭатәу агәаанагарақәа. Излауала Ешыратәи аспортбазеи егьырҭ аобиектқәеи аинвесторцәа разхьарҧшра хықәкыс иҳамоуп», - ҳәа азгәеиҭеит Раули Ҳаџьымба. Уи иацҵаны иҳәеит аинвестициақәа радҧхьаларазы агәарагара ыҟазароуп, ауаа ркапитал иацыәмшәартә еиҧш. «Шьҭа ҳаҟәыҵроуп «иаанкылоуп», «сыхәҭаа» ҳәа ахәыцра. Ари ҧхьаҟа аҿиара иаҧырхагоуп. Изҧырхагоугьы ажәлар роуп», - иҳәеит Ахада.
Араион аҿы инхо ауаа ргәы иҵхон ақыҭа школқәа рызҵаара, хазхаҭалатәи анхамҩа рзы аҳәынҭқарраҟнытә ацхыраара, ақыҭанхамҩа иадҳәалаз апроблемақәа уҳәа уб.егь.
Адепутат Валери Кәарҷиа ишьҭихит араион анҟы амҩақәеи аӡымҩангареи рызҵаарақәа. Ахада иазгәеиҭеит Урыстәыла аимпортцынхәра иадҳәалоу алшарақәа рхархәара аҵак ду. Ари Урыстәылеи Аҧсни рыбжьара атауареикәшара аизырҳара алнаршоит, абиуџьет ахашәалатә хәҭа акырӡа иханарҭәаауеит. Раули Ҳаџьымба иҳәеит араионқәа зегьы рҿы ауааҧсыра рҧылара гәҭакыс ишимоу.