Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада ахысырҭатә ҭыҧ "Ҵабал" аҟны Атәылахьчара аминистрра адҵа-штабтә мобилизациатә зыҟаҵарақәа дырҭааит

27.10.2022

Ахада ахысырҭатә ҭыҧ "Ҵабал" аҟны Атәылахьчара аминистрра адҵа-штабтә мобилизациатә зыҟаҵарақәа дырҭааит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ Аслан Бжьаниа ахысырҭатә ҭыҧ "Ҵабал" аҟны Атәылахьчара аминистрра адҵа-штабтә мобилизациатә зыҟаҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аибашьратә хысрақәа рымҩаԥгашьа дахәаҧшуан  аҧшьаша, жьҭаарамза 27 рзы.

Аибашьратә хысрақәа рхы рыладырхәит Тҟәарчалтәи актәи аполк арезервистцәа, Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиҧшархәҭатә дҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа акурсантцәа, артиллериатә архәҭақәа, арра-ҳаиртә мчқәа, атәыла амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа. Азыҟаҵарақәа раан аус рыдулан азеиҧш усмҩаҧгатәқәа, ихәыцу аӷа ижәылара аҭак иҭаразы.

Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа реиҳәеит адҵа-штабтә мобилизациатә зыҟаҵарақәа ирылахәыз зегьы, иазгәеиҭеит аибашьратә дҵақәа рынагӡараан аҳәоуеиқәшәара, аоперативтәра. "Аҧсны ажәлар шәара ишәықәгәыӷуеит, иара убас арбџьар мчқәа ҳаҧсадгьыл ашәарҭадара ахьчара шалдыршо азгьы шәыгәра ргоит.

Атәыла анапхгара Урыстәылатәи Афедерациа акәша-мыкәша ишьақәгылаз аҭагылазаашьа инамаданы, ҷыдала азҿлымҳара арҭоит ҳарбџьар мчқәа. Иааиуа амшқәа рзы имҩаҧысраны иҟоуп Арбџьар мчқәа рырӷәӷәаразы хадар злоу аусмҩаҧгатәқәа",- иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра Ахада


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org