Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигаз аилацәажәара иазку АИХ рзы ацҳамҭа

Жәабран 18, 2015ш. Ахада Иусбарҭа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны абанк аҿы аиҭакрақәа ирызкыз аилацәажәара мҩаҧигеит. Аилацәажәара иалахәын Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба, Аҧыза-министр Беслан Быҭәба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Афинансқәа рминистр Амра Қәаранӡиа, Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа, Амилаҭтә банк ахантәаҩцәа Емма Ҭаниеи и Зураб Џьынџьали, абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Гьаргь Агрба, адепутатцәа Заур Амқәаби Беслан Ҵнариеи, Аҧсны аус зуа акоммерциатә банкқәа реиҳабцәа.

Аилацәажәараҿы Ахада уи иалахәыз азирхәыцит абанктә аҿы аиҭакрақәа рымҩаҧгара шаҭаху, лымкаала, азакәанҧҵараҿы. « Ҳара ҳаизеит абанк аҿы имҩаҧысуа аилыргаразы, излауала рацәак иҽеим аҭагылазаашьа аҧсахразы»,-иҳәеит Рауль Ҳаџьымба. «Ҳара Амилаҭтә банк ҳамоуп хыбраҵас, уа аус зуа ауаа ыҟоуп, аха иҟаӡам абанктә система»,- иациҵеит уи.

Ахада адҵа ҟаиҵеит аҧаратә хархәагақәа хаҭала изырҭо хылаҧшра азыруларц . «Иаужьу акредитқәа реицҵалыҵ уаршанхоит - 2.5млрд мааҭ рырхынҳәышьа иҟашәҵои? – Ахада акоммерциатә банкқәа рнапхгаҩцәа дрызҵааит. Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит хазхаҭалатәи ахаҿқәа кредитла реиқәыршәара асистема аус шамуа, хымҧада ауалқәа рырхынҳәра асистема шаҧҵатәу.

Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа дақәшаҳаҭхеит Ахада аҭагылазаашьа ауадҩразы ииҳәаз, иазгәеиҭеит Амилаҭтә банк ахала ари акризис алҵра шалымшо.

« Егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, Апарламент, аиҳабыра, азинхьчаратә усбарҭақәа рылшарақәа еицҵаны аусеицура аҭахуп. Акраҵанакуеит ҳәа исыҧхьаӡоит Амилаҭтә банки афинансқәа рминистрреи, аекономик аминистрреи русеицушьа аиҭахәаҧшра. Амилаҭтә банк аҧхьаӡаратә центрны мацара акәӡам, уи атәыла аеконномика аҿиара иацхраауазароуп »,-иациҵеит Беслан Барателиа. Иара убас уи иазгәеиҭеит абанктә системаҟны азакәанҧҵара аиҭахәаҧшреи аҧарақәа рырхынҳәра амеханизм аҧҵареи аркы шаҵанакуа, избанзар ирхынҳәым ауал дуӡӡақәа иааизакны атәыла аҿиара ишаҧырхагоу.

Аилацәажәараҿы иазгәаҭан азинхьчаратә усбарҭақәа аусрыцура акры шаҵанакуа. Аҵәахратә банк ахантәаҩы Ҭемыр Бганба аҭагылазаашьа аҧсахразы апрокуратуреи амчратә еилазаашьақәеи рыцхыраара шаҭаху. “Аӡбаратә ....система аҧҵатәуп ҳәа ҳгәы иаанагоит »,-иациҵеит Бганба.

Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Гьаргь Агрба ирыдигалеит Амилаҭтә банктә хеилак аусура арҿыхара, абанктә закәанҧҵара аиҭахәаҧшра. « Ҳара Амилаҭтә банк анапхгара аидеиақәа ҳгәаҧхоит, аусицура ҳазхиоуп, иҟаиҵо аҿыцаҧшьгарақәа ҳрыдгылоит»,-иаҵшьны иазгәеиҭеит адепутат.

Амилаҭтә банк ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩы Емма Ҭаниа иазгәалҭеит иара убас акредитла аиқәыршәаразы аусура 2007 шықәсазы ирыдыркылаз анормативтә акт «Акредитқәа рыҭара аҧҟарақәа»инақәыршәаны ишымҩаҧысуаз. «Абанкқәа рзыҟазаашьа иахьынӡахәҭаз иџьбаран. Аха уадаҩрас иҟоу акредит згаз ихыдҵақәа шынаигӡо мацара акәӡам. Сара сгәы иаанагоит иҟоу акризис асистематә ҟазшьа амоуп ҳәа. Ҳара ҳганахьала абанкқәа аӡбарахь ирыдҵааларц рыдаҳҵоит азкаәанҧҵаратә ҧҟарақәа аусӡабарақәа дырццакып ҳәа ҳрықәгәыҕны, ауал зқәу уи иднаҵо дықәныҟәап ҳәа, аха ара ауадаҩрақәа цәырҵуеит»,- иацылҵеит Ҭаниа.

Жәлар Реизара Зураб Амқәаб иаҭахуп ҳәа азгәеиҭеит абанктә системаҟны иҟоу акризис алҵразы концептуалтәла аусхқәа рышьақәгылара иазку амҩатә хсаалақәа аҧҵатәуп ҳәа.

Аилацәажәара аихшьалақәа рыла Рауль Ҳаџьымба хара имгакәа атәыла абанктә система арҿыцреи ишьақәгылаз абанктә кризис алҵрази ажәалагалақәа разырхиаразы адҵа ҟаиҵеит.


Возврат к списку