Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада ААУ 90 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә далахәын

14.10.2022

Ахада ААУ 90 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә далахәын

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә далахәын.

Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҟны иҳәеит:

Ҳаҭыр зқәу Алеко Алықьса-иԥа, аҵарауаа, астудентцәа, аспирантцәа. Гәыкала ишәыдысныҳәалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ԥшьынҩажәи жәаба шықәса ахыҵра!

Аԥсны Аҳәынҭқарра аргылараҿы ауниверситет алагала даара иҳаракуп. Аҵара - лашароуп, аҵарадара – лашьцароуп. Аҿар анаҳааӡа, адырра ҳаракы анраҳҭа, ҳԥеиԥшгьы лашахоит.

Ауниверситет аҿы аус зуа иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәџьабаазы. Ҷыдала иазгәасҭоит аректор, зыхьӡ Аԥсны анҭыҵ акыр инеихьоу аҵарауаҩ Алеко Алықьса-иԥа шәлагаламҭа. Ауниверситет аихьӡарақәа акыр хаҭала Шәара ишәыбзоуроуп. Шәара аԥхьа шәнаргыланы, арҵаҩцәа, аҿар, ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа, аизҳара, аҭынчра, .


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org