Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигаз аилацәажәара иазку АИХ рзы ацҳамҭа

12.03.2015

Хәажәкыра 12, 2015 ш. Аҧсны Ахада Иусбарҭа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы Аинвестициатә программа асиа иалаҵоу аобиектқәа рыргыларатә усурақәа лассы рхыркәашара азҵаарақәа ирызкыз аусуратә еилацәажәара.

Аилацәажәараҿы Ахада анардадкылаҩцәа ирыдиҵеит аргыларатәи адәахьтәи аусурақәа рынагӡара аҿҳәара аҽақәыршәара, ҳазҭоу амза анҵәамҭазы аобиектқәа зегьы рыҭара.

«Сара аобиектцыҧхьаӡа хаҭала хылаҧшра аҭара салагоит», - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба. Уи ақалақьтәи араионтәи аусбарҭақәа рхадацәа адҵа риҭеит есымчыбжьа аусрақәа рхыркәшара шымҩаҧысуазы адырра ирҭаларц.  Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы Аинвестициатә программа асиа иалаҵоу аобиектқәа рыргыларатә усурақәа лассы рхыркәашара азҵаарақәа ирызкыз аусуратә еилацәажәара.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org