Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аԥсны Ахада Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Гагра ақ. аҟны иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара ацеремониа далахәын

06.10.2022

Аԥсны Ахада  Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Гагра ақ. аҟны иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара ацеремониа далахәын

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Гагра  ахақәиҭтәраан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазкыз аусмҩаҧгатә далахәын.

Иҭахаз ргәаладыршәарц уахь инеит Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Александр Анқәаб,  Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахантәаҩы Саида Быҭәба, Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Апарламент адепутатцәа, Аиҳабыра алахәцәа, Гагра араион Администрациа ахада Иури Ҳагәышь, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org