13.03.2015
Хәажәкыра 13, 2015 шықәса, аҟәа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала иаҧҵоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра акурортқәеи атуризми рзы аминистрра аекономика аминситрра аиҭеиҿкаарала.
Иара абри Аусҧҟала Гарцкиа Автандил Зефик-иҧа Аҧсны Аҳәынҭқарра акурортқәеи атуризми рзы аминистрс дықәыргылоуп.
Аминистр ҿыц иныҟәгаразы аныхтәқәа финансла реиқәыршәара алыршахоит 2015 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет азы азакәан аҟны аекономика аминистрра аныҟәгаразы иазгәаҭоу ахархәагақәа рыла.