Аҳәынҭқарра Ахада жьҭаарамза 4 рзы, ахәылбыҽха дидикылеит урыстәылатәи аҵарауаҩ, агеологиа-минералогиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Урыстәылатәи Иԥсабаратәу аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла, Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла алахәҩы Павел Флоренскии уи иԥшәмаԥҳәыс Татиана Шутовеи, афилолог, Леон иорден занашьоу, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан москватәи агазеҭқәа жәпакы рыҟны арратә корреспондентс иҟаз.
Асасцәа аԥсшәа раҳәо, Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа аҵарауаа иҭабуп ҳәа реиҳәеит аԥсуа жәлар рҭоурыхи ркультуреи раларҵәараҟны рлагаламҭазы. «Ҳара ҳзы гәахәароуп арҭ аныҳәамшқәа раан шәахьҳадгылоу, жәашықәсала иҟазааит ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа.», - иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра Ахада.
Асасцәа Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит аиԥыларазы, иалацәажәеит ҳазҭагылоу аамҭазы рнапы злаку, иара убас аԥхьатәи рыгәҭакқәа ртәы. «Ҳара гәахәарыла Аԥсны амаҵ азаҳур ҳҭахын макьана», - лҳәеит Татиана Шутова, Аԥсны Ахада иԥылараан.