Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Ахада аилацәажәара мҩаҧигеит ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны

26.09.2022

Аҧсны Ахада аилацәажәара мҩаҧигеит ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны

  

Аҧсны Аҳәынҭқарра  Ахада Аслан Бжьаниа аилацәажәара мҩаҧигеит жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа инамаданы. Ара иалацәажәеит иҟоу ашәарҭареи иҟалар зуа апровокациақәа рықәҿыҭразы мҩақәас иҟоуи. Аҳәынҭқарра    Ахада дазҵааит ареспубликаҟны амобилизациатә зыҟаҵара аиӷьтәразы аҭыҧаҟны имҩаҧырго аусмҩаҧгатәқәа ртәы. Аслан  Бжьаниа иаҵшьны иҳәеит ашәарҭадара азҵаарақәа ҧыжәара зҭатәу  ак ракәны ишыҟоу, ихадароу аҵакы шрымоу.

Аҧыза-министр  Александр  Анқәаб Ахада адырра ииҭеит цәыббрамза 22 рзы имҩаҧысыз Ашәарҭадара ахеилак аилатәара аихшьалақәа рыла инапынҵақәа рынагӡара инамаданы, амобилизациатә зыҟаҵара аиӷьтәразы аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Сергеи  Пустовалов напхгара зиҭаз аусуратә гәыҧ аҧҵаразы Адҵа ишаҵаҩу.    
Аслан Бжьаниа администрациақәа рхадацәа рыхшыҩ азишьҭит аҭыҧаҟны анапхгаратә усура арӷәӷәара шаҭаху атәы, арратә комиссариатқәа русура аиҿкаараҟны иахьынӡауа ацхыраара рыҭара азҵаара.

Аилацәажәараҟны ишьҭыхын афымцамч усхк, аҭыҧантәи абиуџьет анагӡара, араионқәа рыҟны аинвестициақәа радҧхьалара аизырҳара уҳәа реиҧш иҟоу егь. азҵаарақәагьы.  
    
Аиҧылара иалахәын Ахада  Ихаҭыҧуаҩ  Бадра Гәынба,  Аҧыза-министр Александр  Анқәаб, Ахада  Иадминистрациа  Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ  Беслан Џьопуа,  Ахада Иадминистрациа  Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ  Зураб Қаџьаиа, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Озган Кристина, АШӘА ахантәаҩы  Роберт Киут, ақалақьқәеи араионқәеи радминистрациақәа рхадацәа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org