27.09.2022
Ахада Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амш азы ҳауаажәлар дрыдныҳәалеит
Ҽаанбзиала! Ишәыдысныҳәалоит иахьатәи аныҳәа.
1993 шықәса цәыббрамза 27 рзы Аҧсуа ар ҳ-Аҧсадгьыл аҳҭнықалақь аҳәынҭқарратә бираҟ ахадыргылеит. Ари арыцхә зегьы ҳагәқәа рҿы аҭыҧ ҷыда ааннакылоит. Аҟәа ахы иақәиҭызтәыз ҳҵеицәа рфырхаҵара хашҭшьа амаӡам!
Урҭ ргәымшәареи, иаадырҧшыз ахамеигӡареи ирыбзоураны иахьа Аҧсны ихьыҧшым Аҧсны Аҳәынҭқарра аҿиара амҩа иануп.
Ҳхырхәоит ҳаҧсадгьыл зхы ақәызҵаз ҳҵеицәа рыхьӡала. Урҭ рыхьыӡқәа кашәара рықәым, наунагӡа Аҧсны аҭоурых адаҟьақәа ирнызаауеит.
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Абри аныҳәамш аҽны ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп аҭынчра, анасыҧ, ҳаҳҭнықалақь - аизҳазыӷьара.