20.09.2022
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Алан Гаглоев Алада-Уаԥстәылатәи Асоветтә Демократиатә Республика аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа адкылара амш идиныҳәалеит.
Ҳаҭыр зқәу Алан Едуард-иԥа,
Ҳаҭырқәҵарала сшышәзыҟоу азгәаҭаны, Алада Уаԥстәыла Ареспублика ажәлар зегьы нашәыдкыланы, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Алада-Уаԥстәылатәи Асоветтә Демократиатә Республика аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа адкылара ҟалеижьҭеи 32 шықәса аҵра.
1990 шықәса цәыббрамза 20 аҳәынҭқарра аҭоурых аҟны акырӡа зҵазкуа рыцхәуп, ажәлар рфырхаҵареи ракреи символра рзыруеит.
Алада Уаԥстәыла ажәлар аԥышәара дуқәа ирхысны, ры-Ԥсадгьыл ақырҭуа қәылаҩ ицәыхьчара рылшеит.
Иахьа Алада Уаԥстәыла Ареспублика Амш азгәаҭо, ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз зегьы. Алада Уаԥстәыла шьаҿа ӷәӷәала аҳәынҭқарратәра арӷәӷәара, асоциал-економикатә ҿиара амҩала инеиуеит, аиҷаҳаарала еиқәырханы иаанагоит ибеиоу акультуреи атрадициақәеи.
Ҳара ҳҳәынҭқаррақәа аишьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп, агәрагьы згоит Аԥсни Алада Уаԥстәылеи реимадарақәа ҳажәларқәа реизҳазыӷьара ахьӡала есааира реихаҳара шалыршахо.
Ҳаҭыр зқәу Алан Едуард-иԥа, ари аныҳәамш аҽны Шәаргьы фырхаҵара згым Алада Уаԥстәыла ажәларгьы ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, ахирра, аизҳазыӷьара.