Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Ахадеи Ҟабарда-балкариа Ахадеи хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа рыхьӡала ашәҭқәа шьҭарҵеит

10.09.2022

Аҧсны Ахадеи Ҟабарда-балкариа Ахадеи хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа рыхьӡала ашәҭқәа шьҭарҵеит

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниеи аделегациа алахәцәеи Нальчик ақалақь Аиааира ашҭаҿы,  1992-1993шш. рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы  иҭахаз Ҟабарда-Балкариатәи хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа рыхьӡала ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Иара убас, Ҟабарда-Балкариа Ареспублика раҧхьатәи Ахада В. М. Коков иҳаҭгәын аҟны имҩаҧысит ашәҭшьҭаҵара иазкыз ацеремониа.

Аҳәынҭқарра Ахада дырҭааит Ҟабарда-Балкариатәи аграртә университети Амилаҭтә культуратә центр "Аҧсни".
АКЦ анапхгаҩы Инга  Қацәба-Гәучаҧшева еиҭалҳәеит ацентр аусуреи
акультура аусхк аҟны аҳәынҭқаррабжьаратә усеицура иазку апроектқәа ртәы.  

Анаҩс, Аҳәынҭқарра Ахада дырҧылеит Ҟабарда-Балкариа иҟоу аҧсуа-абаза диаспора еидызкыло   ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи аиҿкаара  "1992-1993 шш. Аҧсны  Аџьынџьтәылатә еибашьра  аветеранцэа" рхаҭарнакцәа.

Аҳәынҭқарра Ахада Аҧсны жәлар рыхьӡала, хаҭала иара ихьӡала Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика 100 ш.ахыҵратә иубилеи рыдиныҳәалеит.

"Арҭ ашықәсқәа рыла акрызҵазкуа амҩа шәанысит. Ҟабарда-Балкариа ахаангьы еицырдыруа иҟан ибеиоу иуникалтәу акультуреи милаҭрацәала еилоу ажәлар реихьӡарақәеи рыла. Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика ауааҧсыра рҵасқәа  иреиҷаҳауа еиқәырханы, шьаҿа ӷәӷәала ҧхьаҟа ицоит. Ареспублика иахьа аҿиара иаҿу Урыстәылатәи Афедерациа арегион аҳасабала, алҵшәа ҳаракқәа раарҧшра иаҿуп", - иҳәеит Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҧсни Ҟабардеи рыжәларқәа аиашьареи аиҩызареи, аусеицуреи аицхыраареи  ишеидыркыло. "Аҧсны жәлар аамҭа хьанҭақәа ианырҭагылаз хатәгәаҧхарала инеины иҳадгылаз, иҳацеибашьыз иҭабуп ҳәа рарҳәоит, иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәоит. Ари ахааназы хашҭра ақәым, ари аҿырҧшала аҿар рааӡара мҩаҧысуеит.

Сара исҭахуп хатәгәаҧхарала еибашьуаз, ас еиҧш иаҧсоу аҵеи зааӡаз урҭ рҭаацәа иҭабуп ҳәа расҳәарц, "- иҳәеит иқәгылараҿы Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра  Ахада аиҧылара иалахәыз рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.
Аветеранцәа-хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа рганахьала Аҧсны Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит ҳазҭоу ашықәс азы нанҳәамзазы Хатәгәаҧхаралатәи аибашьҩы имш азгәаҭараан аҳәынҭқарра анапхгара ҷыдала ҳаҭыр рықәҵаны иахьрыдыркылаз азы.                                    " Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит зегьы рзы. Гәыкала ҳашәзыҟоуп.  Бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳҳәоит есқьынгьы."- абас гәыблыла ицәажәеит хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа.            

Анаҩс, аҳәынҭқарра  Ахада аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа жәпакы ранеишьеит. Кавказ ажәларқәа ркультуреи рҟазареи рыҿиараҿы алагаламҭазы аҳәынҭқарра  Ахада  Аҳәынҭқарратә академиатә акәашара ансамбль ианеишьеит "Ахьӡ-  Аҧша" аорден lll аҩаӡара.        

Иахьа  Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Ҟабарда  Балкариатәи Ареспубликаҟны иусуратә ныҟәара хыркәшахеит.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org