Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Ахада Аиааира амш аламҭалаз ҞЧА хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа дырҧылеит

09.09.2022

Аҧсны Ахада Аиааира амш аламҭалаз ҞЧА  хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа дырҧылеит

Цәыббрамза 9 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспубликахь иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны ауаажәларра, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы хатәгәаҧхарала еибашьуаз, аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа дырҧылеит.

"Сара акрааҵуан аара сгәы иҭеижьҭеи, аха аҿкычымазара иахҟьаны апланқәа зегьы рҽырыҧсахыр акәхеит. Иахьа, ара сыҟоуп, зегьы хаҭа-хаҭала шәгәеисыбжьы саҳауеит. Шәзыӡырҩра, шәгәы иҵхо азҵаарақәа рҭак аҟаҵара сазхиоуп", - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.

Ахада иара убас иазгәеиҭеит арахь иаара ҳазҭоу амзазы Аҧсны иазгәарҭо Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш ишадҳәалоу. Ахада иқәгылараҿы ҷыдала дахцәажәеит хатәгәаҧхарала еибашьуаз Аиааира агараҿы рлагала.
"Аҧсны жәлар иргәалашәоит, ахәгьы ҳаракны иршьоит Аҩадатәи Кавказ ҳаиашьаратә республикақәа рхаҭарнакцәа рфырхаҵара.  Хатәгәаҧхаралатәи аиҿкаарақәа Аиааира агараҿы рлагаламҭа ахә ашьара уадаҩуп", - инаҵшьны иазгәеиҭеит Ахада.

Аиҧылараҿы Аслан Бжьаниа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранеишьеит: Азрет Татаршао, 1992-93 шш. Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы илшамҭақәа рзы, Аҧсни Ҟарачы-Чеқьесиеи ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәараҿы илагаламҭазы "Ахьӡ-Аҧша"  аорден III аҩаӡара; Кавказ ажәларқәа рхореографиатә ҟазара арҿиара, ркультура аларҵәаразы "Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз артист" ҳәа ахьӡ лыхҵоуп Алина Тарасунова.

Аиҧылараан ирылацәажәеит аҧсуа, абаза бызшәа аҿиара, акультуратәи аекономикатәи усеицура, атуризм аусхк аҟны аусеицура, аҧсуа-абаза жәлар еицырзеиҧшу аинформациатә портал аҧҵара уҳәа ахырхарҭақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа.

Анаҩс, Ахада хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәв рҭаацәа дырҧылеит. Ара иара убас ирылацәажәеит урҭ зынио ауадаҩрақәа. Ҷыдала иаҳҳәозар, Аҧсны атәылауаҩра аиуреи Аҧсны аҧсшьара аиҿкаареи ирызку азҵаарақәа.

Ахада зегьы дырзыӡырҩит, зҵаарақәак рзы аҭыҧаҟны азыӡбақәа идикылеит. Ҷыдала зыхцәажәара аҭаху даҽа зҵаарақәак рзы аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба иақәнагоу адҵақәа ииҭеит.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org