Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Черқьеск Аслан Бжьаниеи Мусса Екзакьи реиҧылара мҩаҧысит

08.09.2022

Черқьеск Аслан Бжьаниеи Мусса Екзакьи  реиҧылара мҩаҧысит

Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспубликахь иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан  Бжьаниа Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза жәлар рконгресс иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Екзакьи иареи реиҧылара мҩаҧысит.

Аиҧылараҟны ирзааҭгылан аҧсуа  бызшәа аҿиареи аиқәырхареи, аҭҵаарадырра-культуратә, аспорттә уҳәа  Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза жәлар рконгресс инанагӡо апроектқәа  ирызкыз азҵаатәқәа.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит  аҧсуа-абаза жәлар жәларык шракәу, уи еиҳау акгьы шыҟам.

"Ҳара  ҳкультура, ҳбызшәа, ҳмилаҭ - ари мазара дууп, хымҧада, ихьчатәуп адунеи аҿы иахьа  ашәарҭарақәа шырацәоугьы", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
--


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org