31.08.2022
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Акыр иаԥсоу ашколхәыҷқәа, арҵаҩцәа, аҭаацәа!
Ишәыдысныҳәалоит насыԥла иҭәу, ахәыҷқәагьы адуқәагьы ргәы хыҭ-хыҭуа иззыԥшу аҵарашықәс ҿыц алагамҭа.
Ари амш аҵак ҷыда амоуп раԥхьаӡа акәны ашкол ахь, иссиру, иџьашьахәу адыррақәа рдунеи ахь зшьапы еихызго актәи акласс ахь ицо аҵаҩцәа рзы.
Акыр иаԥсоу аҵаҩцәа, ашколтә ԥсҭазаара – дасу ишәылоу шәҟыбаҩ ахы анцәырнаго, аԥхьаҟа шәзанааҭтә ԥсҭазаара иадышәҳәало аусхкқәа рыҟны ишәоураны иҟоу аихьӡарақәа рхы ахьыҵырхуа аҵак ду змоу аамҭоуп.
Ари амҩаҟны есқьынгьы ишәыдгылоуп шәҭаацәа, шәырҵаҩцәа, шәааӡаҩцәа.
Акыр иаԥсоу ашколхәыҷқәа, арҵаҩцәа, аҭаацәа, абри аҵарашықәс азы ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа, аихьӡарақәа. зегьы шәгәыхәтәқәа шәрыхьӡааит!