Нанҳәамза 17 рзы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ауада ацаҧха лнапы иарикит Аҧсны Афырхаҵа Владимир (Гена) Карданов иҧшәмаҧҳәыс Асиаҭ Карданова. Гагра араион администрациа ацхыраарала, Гагра ақалақь Абазгаа рымҩаҟны ҩ-ҿык змоу ауадақәа рыҭан хатәгәаҧхарала еибашьуаз иҭаацәа.
"Шәбара сеигәырӷьоит, Асиаҭ Ҳасан-иҧҳа. Ижәдыруазарц ҳҭахуп, Шәара есқьынгьы иҳалшо ала, шәыцхраара ҳшазхиоу. Ааигәа Хатәгәаҧхарала аибашьҩы имш азгәаҳҭеит, урҭ Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы рлагаламҭа ахә ашьара уадаҩуп. Хымҧада, макьана ҳалшарақәа шыҟоу ала, хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа- афырхацәа, аинвалидцәа, егьырҭ аибашьра аветеранцәа рыпроблемақәа рыӡбашьа ишахәҭоу еиҧш иҟамлац. Аха хәыҷы-хәыҷла, системала урҭ рыӡбара ҳаҿуп".
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, аибашьҩы хьӡырҳәага Гена Карданов иҭаацәа уажәаҧхьа нхарҭа ҭыҧла реиқәыршәара шаҭахыз. Шьҭа ари аҭагылазаашьа риашоуп, - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҧсны Афырхаҵа иԥшәмаԥҳәыс Асиаҭ Карданова Ахада иҭабуп ҳәа иалҳәеит иҟарҵаз ахаҵгыларазы.
1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагамҭазы Владимир (Гена) Карданов Ҟабарда-Балкариантәи хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа ргәыԥ даланы Аҧсныҟа дааит, хара имгакәа аибашьцәа ргәыҧ "Ҟабарда" адҵаҟаҵаҩыс дагьалырхит. Аибашьҩы Гена Карданов дҭахеит мшаҧымза 1993ш. мшаԥымза 13 рзы.
Аиҧылара иалахәын Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Гагра араион ахада ихаҭыҧуаҩ Хана Гәымҧҳа