16.08.2022
Аслан Бжьаниа Гәдоуҭа иҟоу Ахәшәтәырҭа хада даҭааит. Аҳәынҭқарра Ахада дицын араион администрациа анапхгаҩы Баграт Боџьгәуа.
Аслан Бжьаниа адырра ирҭеит амедицинатә усбарҭа адгьылҵакыраҟны иҟоу апроблемақәа рзы, ҷыдала, короновирустә ҿкычымазара аан аидара рацәа змаз иажәыз ацрыҵцарҭатә системазы.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа хада ареспубликаҟны зықьҩыла ачымазцәа здызкылаз хәышәтәырҭа хаданы иҟалеит. Ара аӡымҩангара асистема акырӡа ихеит, ҳазҭагылоу аамҭазы ацрыҵцарҭатә система аус ауӡом.
Ахада иҳәеит Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа хада араион азы стратегиатә обиектны излаҟоу ала, ҳазҭоу ашықәс цәыббрамза 1 аҟынӡа апроблема аӡбараҟны ацхыраара шаиҭо.