15.08.2022
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы Султан Дакаев иԥа Аинди Дакаев ианашьоуп хьыӡҳәалатәи абџьар.
Чечентәылатәи аибашьҩы Султан Дакаев иажәа иалаҵаны иҳәахьан, «сара сҭахар, сабџьар сԥа ишәҭ»,-ҳәа.
Иахьа Хатәгәаԥхаралтәи аибашьҩы имш аҽны Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аинди Султан-иԥа Дакаев хьыӡҳәалатәи абџьар ҳамҭас ииҭеит.
С.Дакаев Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы ақәԥараҟны дҭахеит.