13.08.2022
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс ахантәаҩы М. Х. Екзақь Иирамш идиныҳәалеит.
Ҳаҭыр зқәу Мусса Хабал-иҧа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәирамш.
Шәара шәыҧсҭазааратә мҩа шәыжәлар рымаҵ ауразы ҿырԥшыга бзиоуп. Аҧсуа-абаза еимадара арӷәӷәареи арҿиареи иазку Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак Ахантәаҩы имаҵураҟны Шәара шәусура аҳаҭырқәҵара ду, аџьшьара иаԥсоуп.
Ҳаҭыр зқәу Мусса Хабал-иҧа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, ақәҿиарақәа шәыгәҭакқәа зегьы рынагӡараҿы.