Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Имҩаԥысит Аслан Бжьаниеи Дмитри Козаки реиԥылара

28.07.2022

Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки реиԥылара.
Ирылацәажәеит аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа инарымаданы азҵаарақәа жәпакы, ҷыдала, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны авиаеимадара аиҭашьақәыргылара, 2022- 2025 шш. асоциал-економикатә ҿиара апрограмма анагӡара иазку азҵаарақәа.

Аиԥылара иалахәын Аҳәаанырцәтәи атәылақәа злахәу арегионбжьаратәи акультуратәи еимадарақәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аиҳабы Игорь Маслов, Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников, аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org