Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ихантәаҩрала Гагра араион аҟны имҩаԥган фымзтәи асоциал-економикатә усура алҵшәақәа реихшьалара

22.07.2022

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ихантәаҩрала Гагра араион аҟны имҩаԥган фымзтәи асоциал-економикатә усура алҵшәақәа реихшьалара

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихантәаҩрала Гагра араион аҟны имҩаԥган фымзтәи асоциал-економикатә усура алҵшәақәа реихшьалара.

"Ашықәс актәи азбжазы Гагра араион абиуџьет ахашәалахәтәы хәҭа Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵаз ацхыраара азгәаҭаны иартәеит 256 млн.мааҭ. Араион ашәахтәтәи ишәахтәми ахашәалахәқәа идыртәоит 184,5 млн мааҭ. Аплан аҟны иарбаз 152,2 млн мааҭ раан араион ахашәалахәтәы хәҭа анагӡара иартәеит 121,2% мамзаргьы 34,3 млн.мааҭ рыла еиҳаны, ма 46,3% игәаҭоу ашықәстәи аплан аҟнытә – адырра ҟаиҵеит Гагра араион Администрациа ахада Иури Хагәышь.

2022 ш.актәи азбжа иазкыз аҳасабырбаҟны иазгәаҭан «ихадоу абиуџьеттә харџьқәа   шрызкыз аҵарадырра, амедицина, акультура, аспорт, анхарҭа коммуналтә нхамҩа. Иазгәаҭоу ахырхарҭақәа ирықәхарџьын иааизакны 277,4 млн.мааҭ, мамзаргьы 89,2% фымз рыҩнуҵҟа азеиҧш харџь аҟынтә.
Гагра араион Администрациа ахада иазгәеиҭеит, абиуџьет аԥыжәаратә хырхарҭақәа ишреиуоу ауалафахәы ашәара, афатә-ажәтә, аҭыҧқәа рырҧшӡара, шьаҭанкылатәи, имҩаԥысуа арҽеиратә усурақәа, иара убас аиҭашьақәыргыларатә усурақәа, ауааԥсыра асоциалтә цхыраара рыҭара.

2022 ш.актәи азбжазы аусура ахәԥса ашәаразы ишьҭуп 139 млн.мааҭ;
ахәыҷбаҳчақәеи азыҟаҵаратә классқәеи фатәыла реиқәыршәаразы 8,2 млн.мааҭ;
агәам-сам алгара, архра, ашәаԥыџьаԥ еилыхразы – 44 млн.мааҭ; иҷыдоу атехника аахәаразы – 11,9 млн.мааҭ; ауааԥсыра зныктәи аматериалтә цхыраара рыҭаразы иӷару аҭаацәарақәа, аҽыхәышәтәразы агәаҟра иҭагылаз ирзоужьын 9,4 млн мааҭ.
Аргылара, шьаҭанкылатәи, ажәы имҩаԥысуа арҽеиратә усурақәа ирзоужьын 55,7 млн мааҭ. Урҭ рахьтә: Абазгаа рымҩаҟны ашьаҟамҩақәа реиҿкааразы ашьаҟамҩатә хаҳәцәқәеи ацәхыԥи рышьҭаҵаразы – 21,8 млн мааҭ; Бзыԥҭа аҳаблаҟны амҩақәа акаҭран рыхҟьаразы – 10,2 млн мааҭ; Аацытәи апарк аҿықә шьаҭанкылатәи арҽеиратә аусурақәа рзы – 6,1 млн мааҭ; Абазгаа рымҩа арлашаразы ашьаҟақәа раахәаразы – 4,2 млн мааҭ; Пицунда ақ. аҟны ашьаҟамҩақәа реиҿкааразы ашьаҟамҩатә хаҳәцәқәеи ацәхыԥи рышьҭаҵаразы – 3,3 млн мааҭ;
ахәыҷтәы хәмарырҭатә ҭыҧқәа хԥа раахәаразы – 2,1 млн.мааҭ. Цандрыԥшь аҳа. Аполиклиника ахыбра ахыб аԥсахразы – 2,5 млн мааҭ; Гагра ак. аҟны ахәыҷбаҳча «Малышок» ахыб арҽеиразы – 3,8 млн мааҭ, егьырҭ, еиуеиԥшым арҽеиратә усурақәа рзы – 3,4 млн мааҭ. 2020 ш раахыс шьаҭанкылатәи арҽеиратә усурақәеи аахәарақәеи ирзоужьын 200 млн мааҭ инареиҳаны. Гагратәи ахәшәтәырҭа хада иазоужьын – 31 млн мааҭ; амҩақәа акаҭран рықәҵаразы – 69 млн мааҭ; Абазгаа рымҩа арҽеира иазкыз аусуразы – 24,5 млн мааҭ; иҷыдоу атехника аахәаразы – 50 млн мааҭ; Аацытәи апарк аҿықә шьаҭанкылатәи арҽеиратә аусурақәа рзы 13,5 млн мааҭ; ахәҷтәы хәмарырҭақәа раахәаразы – 4 млн мааҭк; аҵареи акультуратә усбарҭақәа рхыбқәа рыҧсахреи рырҽеиреи рзы -14млн.мааҭ; ӡыла аиқәыршәара ауси ацрыҵцарҭақәеи рырҽеиреи рзы – 14 млн.мааҭ; ауааԥсыра аматериалтә цхыраара рыҭара иазоужьын 32,5 млн.мааҭ.
Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы Администрациа иақәыз ауал ашәаразы иазоужьын 25 млн.мааҭ. "Гагра араион аҟны инхоит 39 279-ҩык ауаа, иҟоуп аусура зылшо 23 265-ҩык.
Араион аҟны аус руеит 8 122-ҩык. Абарҭ арбагақәа рҟынтә аусурҭадара аҩаӡара иартәоит 60%", - иҳәеит Хагәышь.

Атәанчаҩцәа рхыҧхьаӡара 7742-ҩык артәоит, урҭ рахьтә 1603-ҩык аҧсуа тәанчахәы роуеит, уи бжьаратәла 2000 мааҭ ыҟоуп. 6139-ҩык аурыс тәанчахәы роуеит,бжьаратәла уи иартәоит 10 000нызқь мааҭ.
"Абиуџьет усхк ала аус зуа хаз игоу акатегориа иаҵанакуа ауаа руалафахәы ҵыҧх 20% иацҵан УА ацхыраарала, ҳазҭоу ашықәс азы 10% иацлараны иҟоуп.

Убасала, бжьаратәла арҵаҩцәа руалафахәы иартәоит 19 267 мааҭ, аҳақьымцәа - 24 562 мааҭ, акультура аусзуцәа – 15 211 мааҭ",-иҳәеит Хагәышь.
Араион Администрациа ахада иазгәеиҭеит, араион активла аинвестициа шаланагало.
"Аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩнуҵҟа хазхаҭалатәи аинвесторцәа рыла аус зуа, аусура иаҿу апроектқәа  ирзоужьхоит 60 млрд.мааҭ. Абарҭқәа зегьы араион азы аҭагылазаашьа бзиа аҧнаҵоит, ашәахтәқәа ршәареи, аусурҭа ҭыҧқәа реизырҳареи рзы", - ҳәа азгәеиҭеит Хагәышь.
2023-25ш.ш. Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара иазку  аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Гагра араион иазоужьхараны иҟоуп 771 млн.мааҭ, иара убас иазгәаҭоуп абас еиҧш иҟоу ауснагӡатәқәа:
ПС-110кв "Пицунда" аиҭашьақәыргыларазы – 250 млн.мааҭ;
ацрыҵцарҭақәа ррыцқьаразы – 201 млн.мааҭ; ақ. Гагра ӡыла аиқәыршәара система-150 млн;
Пицунда ақалақь ацрыҵцарҭақәа - аӡҭыгага станциа аӡӷьыразы аколлектор ацҵаны – 170 млн.
Фымз ирылагӡаны Гагра араион аҟны афымцалашара ахархәаразы еизгоу ашәахтә иартәоит 36,4%, 28,5% аҟынтә, ҵыҧх уи иартәеит 41 млн.263 нызқь мааҭ, 25 млн.974 нызқь мааҭ. Ҳазҭагылоу аамҭазы уахыки-ҽнаки рхы иадырхәо афымцамч иартәоит 1,5 млн.квт. Фымз ирылагӡаны Гагра араион еизаку абиуџьет иҭалаз ашәахтә иартәоит 286 млн.642 нызқь мааҭ. «Бжьымзы инарзынаԥшуа фактла абиуџьет ахь ааимҭақәа идыртәеит 390 млн 636 нызқь мааҭ",- иҳәеит Хагәышь.
Фымз иалагӡаны аҭыҧантәи абиуџьет иақәыз аплан 141 млн.930нызқь мааҭ аан иаланагалеит 179 млн 457 нызқь мааҭ. "Иахьа ари ахыҧхьаӡарв иартәеит 237 млн 151 нызқь мааҭ", - иҳәеит Иури Хагәышь. Аҩгьыл ашәахтә ахшәаара аҭагылазаашьа бзиоуп.  2019ш.фымз рыҩнуҵҟа ишәан 17млн.198нызқь мааҭ; 2020ш.фымз рыҩнуҵҟа - 14млн.588нызқь мааҭ; 2021 ш. фымз рыҩнуҵҟа 27млн.597нызқь мааҭ; 2022ш.фымз рыҩнуҵҟа – 28 млн316нызқь мааҭ.
Анаҩс араион анхацәа ргәы иҵхоз азҵаарақәа ирзааҭгылеит, еиҧымкрада ӡыла аиқәыршәара, афымцамчы, аҟәара арӷәӷәара, ауалафахәы ашьҭыхра уҳәа уб.иҵ.
Аизара иалахәыз иаадырҧшит ақалақьтә мчра ашҟа ирымаз агәрагара.
"Ауааԥсыра рҭагылазаашьа аиӷьтәразы администрациа аганахь ала аусурақәа цоит. Абарҭ аҷкәынцәа гәык-ҧсык ала ирылшо зегьы ҟарҵоит, ҳарҭгьы ҳрыдгылоит",-рҳәеит иқәгылоз.  
Азҵаарақәа рыхәҭак аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи адәныҟатәи аполитика иазкын.

Анҭыҵтәи аизараҟны Аҳәынҭқарра Ахада изырхан аҳәынҭқарратә ҧсшьарҭаҩны "Пицунда" адгьыл урыстәылатәи аган рыҭаразы иҟоу аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара иазкыз азҵаара. Ахада хәҭа-хәҭала дазааҭгылеит азҵаара аҭоурых.

"Ажәацыҧхьаӡа документла ишьақәсырӷәӷәарц сылшоит. Адгьыл ҭыҧқәа рыҭира аӡбахә ҳәам, ҟалашьагьы амам. Ҳконституциа инақәыршәаны, адгьыл аҭира-аахәара ҟалом. 2020 ш.абҵарамзазы, Владимир Путин иҧылараҟны ари азҵаара шьҭыхын. Аҳәара ҟаҵан ари азҵаара еилкаарыла иазнеирц, ас еиҧш иҟаз аҳәара ҟаиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин", - иҳәеит Ахада.  

Абри азҵаара аганахьала ихатә гәаанагара иҳәеит Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб. Иара иажәақәа рыла, иацгьы, иахьагьы, уаҵәгьы Урыстәыла Аҧсназы ҩыза дуны иаанхоит. "Ари ҳара ҳаҭырла ҳазнеилароуп, иаҳмыхьчаргьы ҟалаӡом. Аиҩызара-ҩ-ганк змоу амҩа иаҩызоуп. Ари ҳәынҭқарратә дачоуп, Аҧсны уи агхеит ҳәа иӷархом, ирыцҳахом. Хәышә гектар еиҳаны адгьыл урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа ираҳҭеит, арратә хыбрақәа. Урҭ адокументқәа сара снапы рыҵазҩит, уи азы ахара сыдышәҵа, шәсықәыӡба. Ус ҟаҵатәӡамзи? Бамбора абаҟоу? Амшын аҿықә аҟны. Уаҟа хышә гектар еиҳауп адгьыл. Урыстәылатәи аган иаҳҭеит. Иззы? Еизҳауа ҳабиҧарақәа рзы. Ахада иҿаҧхьа иқәгылоуп, аҧхьаҟагьы иқәгылазаауеит. Абарҭ ауадаҩрақәа еизҳауа абиҧарақәа ирзынҳмыжьырц азы – абс ихәыцуеит анапхгаҩцәа. Иҟаларызеи ҳәа акаҳуа аҧшра  иаҧсам, уи алҵшәа аиуам", -  аиҳабыра рхада.

Аизара иалахәыз абри азҵааразы Ахада ишидгылоз атәы рҳәеит.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org