Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Имҩаԥысит Аслан Бжьаниеи Русҭам Минниханови реиҧылара

11.07.2022

Иахьа Казантәи Акремль аҟны имҩаԥысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Русҭам Минниханови реииҧылара.

Русҭам Минниханов Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа еиҳәеит Казан аҭааразы, аҧсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Ҭаҭарсҭан аус ацура азҿлымҳара иаиҭо азы.

"Ҳара ҳзы гәахәароуп Аҧсны аекономика ахьыҿио, афатәи аҩыҟаҵареи рааглыхра, ақыҭанхамҩа, аргыларатә маҭәахәқәа рҭыжьра, аҵхратә хырхарҭа убрахь иналаҵаны, Ԥеиԥш бзиа змоу хырхарҭоуп атуризми аҧсшьарҭа-курорттә усхк", - иҳәеит Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада.

Иара иазгәеиҭеит Ҭаҭарсҭани Аҧсни реизыҟазаашьақәа ажәытә аахыс аҭоурых бзиа рымоуп. 1994 ш.рзы иаҵаҩын Ҭаҭарсҭани Аҧсни реиҩызареи русеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра, имҩаԥысуеит аделегациақәа рҧышәақәа реимдара, амуниципалитетқәа рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра аус ауеит.

Ҭаҭарсҭани Аҧсни рыбжьара атауареикәшара амҽхак макьана идуӡам, аха уи аизырҳаразы иҟоуп алшарақәа зегьы, -иҳәеит Русҭам Минниханов. Ҭаҭарсҭан иазԥхьагәанаҭоит Аҧсныҟа аидарамҩангага машьына "Камаз", автомашьына агьежьхарԥақәа, амашьынаҟаҵагатәи анефтехимиатәи аалыҵқәеи, иара убас амедицинатәи афармацевттәи тауарқәеи раагара. Иара убас,Ҭаҭарсҭан азхиоуп адгьылҵакыратә ҿиара аусхк ахырхархаҭаҿы, ҳазҭагылоу аамҭа иақәшәо ақалақьтә инфраструктура аҧҵараҿы аҧышәа амадара.

ҬА Ахада иажәақәа рыла, иара убас ауеицуразы хырҳага аманы иҟалоит авто-мобильҟаҵара, IT-усхк, агәабзиарахьчара реиԥш иҟоу ахырхарҭақәа.
«Асуеицуразы алшара ҿыцқәа ԥшаалатәуп. Сгәы иаанагоит, иахьатәи аиԥылара ҳаимадара амҽхак арҭбаара иацхраап ҳәа», - иазгәеиҭеит Рустам Минниханов.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Рустам Минниханов иҭабуп ҳәа еиҳәеит аԥсуа делегациа адкылара аиҿкаара иамаз аҩаӡаразы. «Сара сзы гәахәароуп ара аҟазаара. Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа инарықәыршәаны, асубиектқәа рыбжьара аимадарақәа рырҿиара аҭахны иҳаԥхьаӡоит. Џьашьахәыс избеит, ҳделегациа аршанхеит шәреспублика аҿиара иамоу. Иазгәасҭарц сҭахуп Ҭаҭарсҭан анапхгара ааглыхратә наплакқәа реиқәырхара, рырҿыцра, рылшарақәа реизырхара шалыршоу»,- иаҵшьны иҳәеит иара.
Аԥсны Ахада иҳәеит Ҭаҭарсҭан аԥхьаҟагьы аусацура дшазхиоу. «Ҳара амшынтә баӷәазақәа ҩба ҳамоуп, иҳамоуп атранзиттә лшарақәа. Абри аганахьала аусеицура ҳазхиоуп»,- иҳәеит Аслан Бжьаниа иажәа иацҵаны.

Аҳәынҭқарра Ахада Рустам Минниханов Аԥсныҟа ааԥхьара ииҭеит.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org