Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

"Леон" иорден занашьоу Мусса Дауров иҧсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара

08.07.2022

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада аслан Бжьаниа Мусса Дауров иԥсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.

Адышшылара атекст аҟны иҳәоуп:

"Гәалсра дула ирыдыркылеит Аҧсны ҳашьа ду Мусса Дауров иҧсҭазаара иалҵра.

Мусса Дауров ҧсабарала абаҩхатәра ду злаз уаҩын, инапы злакыз аус аҟны дыпрофессионалын, шәҟәыҩҩын, уаажәларратә усзуҩын. Дызҿыз иарбанусзаалак аҟны ламыс уаҩны, даҽаӡәы диламҩашьо зхатә хаҿра змаз, зыжәлар рзы ҵеи лашаны дшыҟаз аныԥшуан.

Ҳаҧсадгьыл аԥышәара ӷәӷәа ианҭагылаз, Мусса Дауров дааны Аҧсны жәлар рыхьчаразы ҳашьцәа дрывагылеит. Ара аибашьра адәаҿы ипрофессионалтә дыррақәа хархәара рыҭан инарҭбааны.

Мусса Дауров Мрагыларатәи афронт арратә ҧшыхәра напхгара аҭара инапы ианырҵеит. 1993 ш.инаркны 1995-нӡа  Мусса Дауров Аҧсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрраҟны аҟәша дахагылан.

Аҧсны аҿаҧхьа илшамҭақәа рзы Мусса Дауров ианашьан "Леон" иорден.

Абаза жәлар ацәыӡ ӷәӷәа роуит. Мусса Дауров ихьӡ наунагӡа Аҧсны ахьчаҩцәа рсиа иану ҳаибашьцәа рыхьӡқәа ирылагылазаауеит".


  



  


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org