Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҳәынҭқарра Ахада абылтәы ахәԥсақәа рышьҭыхра инамаданы имлашьуаз Џьансыхә Адлеиба дидикылеит

04.07.2022

Аҳәынҭқарра Ахада абылтәы ахәԥсақәа рышьҭыхра инамаданы имлашьуаз Џьансыхә Адлеиба дидикылеит


Рашәарамза 28 рзы Џьансыхә Адлеиба имҩаԥигоз аҿагыларатә акциа ахьымҩаԥысуаз Ахақәиҭра Ашҭаҟны инеиз Ахада Аслан Бжьаниа амлашьра иаҿыз Администрациахь ааԥхьара ииҭеит ахәԥсақәа рышьҭыҵра иадҳәалоу аҭагылазаашьа аилыркааразы, абылтәы аалыҵқәа рыхәԥсатә политика аҳәаақәҵара инамаданы имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа ирдырразы.

Аиԥылара мҩаԥысит аҳәынҭқарра ахада иуадаҟны ԥхынгәымза 4 рзы.

Аиԥылара далахәын иара убас Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org