Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ашкол аушьҭымҭацәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит

02.07.2022

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ашкол аушьҭымҭацәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит.

Аҩызцәа, гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит ашкол аҿы шәҵара ахыркәшара. Ара иҟоуп ахьи араӡны медалқәеи рыла иалгаз, қәҿиарала зҵара хзыркәшаз. Ҳәарада, ари ус дууп.

Акыр иаԥсоу аушьҭымҭацәа, иссиру, хашҭшьа змам ашколтә шықәсқәа шәышьҭахьҟа иншәыжьит. Шәаҧхьаҟа ишәзыԥшуп аинтерес зҵоу амҩақәа. Шәыгәҭакқәа рынагӡара шәашьҭаз, усҟан хымҧада зегь шәықәҿиоит.
Иҭабуп ҳәа расҳәоит шәырҵаҩцәа,шәҭаацәа. Шәара шәеиҧш, дара рызгьы иахьатәи амш акраҵанакуеит.
Сгәы иаанагоит шәыҧсҭазаара здышәҳәаларц шәҭаху азанааҭқәа алышәххьеит ҳәа. Ижәдыруазарц сҭахуп шәара ишәшәыдҳәалоу ҳаҧсадгьыл аҧхьаҟатәи аҧеиҧш, агәыӷрақәа.
Даҽазныкгьы Аԥсны ашколқәа роушьҭымҭацәа зегьы ирыдысныҳәалоит ашкол алгара. Ишәзеиӷьасшьоит шәыгәҭакқәа рынагӡараҟны аихьӡарақәа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org