30.06.2022
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аиашаҳаҵаратә Ныха Анапхгаҩы Бассариан Аԥлиааи иареи реиԥылара мҩаԥигеит.
Аиԥылара иалахәын Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Аәзарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
Аиԥылараан ирылацәажәеит Аԥсуа ныха аиҟәшара азҵаара, ҷыдала, аныхаҩныҵҟатә еизыҟазаашьақәа рҭышәныртәалареи атәылаҟны аныхатә ԥсҭазаара аҿиареи рзы мҩақәас иҟоу.