28.06.2022
Рашәарамза 28 рзы имҩаҧысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыҧуаҩ Д.Вольвачи реиҧылара. Аиҧылараан ирылацәажәеит аекономикаҟны аусеицуразы аинвестициақәа рызҵаара.
Аҳәынҭқарра Ахада Дмитри Вольвач аҧсшәа иаҳәо, иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи аамҭазы излацәажәаша азҵаарақәа жәпакы еизаны ишыҟоу. «Агәра згоит иахьа лыҵшәа змоу аусура шымҩаҧысуа, наҟ-ааҟ еицаҳаӡбаша азҵаарақәа жәпакы ыҟоуп»,- иаҵшьны иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Дмитри Вольвач Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит аиҧыларазы. Иара убас аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит Урыстәыла имҩаҧнаго иҷыдоу аоперациаҟны иҟаҵоу адгыларазы. «Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп хьаҳәа-ҧаҳәарада иҷыдоу аоперациа амҩаҧгараҟны раҧхьатәи амшқәа инадыркны Урыстәылатәи Афедерациа иашәҭаз адгыларазы, ЛЖӘР-еи ДЖӘР-еи рхьыҧшымра азхаҵаразы, аҧхьатәи амшқәа раан ҩышә инарзынаҧшуа ахҵәацәа анаа, ирышәҭаз ацхырааразы. Гәыблыла, ҭынхаҵас ишәыдышәкылеит»,- ҳәа азгәеитеит Дмитри Вольвач. Иҭабуп ахиҳәааит иара убас Донбасс ажәлар рыхьчаразы Аҧснынтәи хатәгәаҧхарала аибашьцәа рхы ахьаладырхәуа.
Дмитри Вольвач иаҵшьны иҳәеит аинвестициатә економикатә усеицура азҵаарақәа рылацәажәара инадҳәаланы, хықәкыла урҭ рыӡбара амҩақәа рыҧшаарагьы гәҭакыс ишимоу.
«Украинатәи ахҭысқәа даҽакала азнеира ҟалашьа амаӡамызт, Аҧсны жәлар зегьы еицҿакны Урыстәыла ажәлар ирыдгылар рҭаххеит. Ауаҩы дуаҩызтәуа ихадароу аҟазшьақәа рыҟны ҳара ҳаӡәыкны ҳаидгылоит, ари аҧхьаҟатәи ҳаизыҟазаашьақәгьы ҵаҵҕәыс ирымазаауеит», - аихшьала ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа.
Аинвестициатә программа ахырхарҭақәа рылацәажәара иара убас иалахәын Ахада Иадминистрациа Аусбарҭа Анапхгаҩы Валери Папба, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Ахада иабжьгаҩ Григори Ҧлиа.