14.06.2022
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ахада инапы аҵаиҩит Иадминистрациа Амассатә информациа ахархәагақәа реимадаразы аусбарҭа аиҳабы изы Адҵа
«Даҭазааит Манаргиа Алхас Гьаргь-иԥа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Амассатә информациа ахархәагақәа реимадаразы аусбарҭа аиҳабы имаҵураҟны, - аҳәоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада рашәарамза 13 рзы изҵаиҩыз Адҵа.
Иахьа Алхас Кәыҵниа Администрациа Ахада аколлектив Аусбарҭа аиҳаб ҿыц дыдирдырит.