Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит

01.06.2022

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

"Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Ишәыдысныҳәалоит Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш. Зеиӷьыҟам ари аҧхын ныҳәа ҳарҭ иаҳгәаланаршәоит ҳхәыҷқәа рҿаҧхьа иҳаду аҭакҧхықәра,  даҽзныкгьы урҭ ҧхьаҟатәи рҧеиҧш ҳазнархәыцуеит. Еизҳауа абиҧара адгылара рыҭара, ганрацәала рыхӡыӡаара акырӡа зҵазкуа аҳәынҭқарра ауснагӡатәқәа ируакуп.

Иахьа, ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа. Ахшара рааӡара аҭаацәара ду аҟны акыр аџьабаа зцу усуп, аха убри аан насыҧ дууп илаша-лашо рхаҿқәа анубо, раҧхьатәи рықәҿиарақәа ирыцу агәырҕьара анрыцеиҩушо.

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Ишәзеиӷьасшьоит аизҳазыӷьара, ахирра, ҳтәыла иқәынхо ахәыҷкәа зегьы насыҧла иҭәызааит, ирыгымзааит агәеизҳара".


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org