Аслан Бжьаниа Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит

Аслан Бжьаниа Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит

Лаҵарамза 14 рзы, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада, «Ахьӡ-Аҧша» аорден I аҩаӡара занашьоу Владислав Арӡынба иирамш аҽны ибаҟа амҵан  Ешыра ақыҭан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Ари аусмҩаҧгатә иалахәын Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧсны иҟоу Урыстәыла аамҭалатәи агәрага Максим Литвинов, Аҧсны иҟоу Аҷыдалкаатәи азин-мчы змоуи Олег Боциев, Аҧсны иҟоу ПМА аофициалтә хаҭарнак Гарри Кәпалба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәба, Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аиҳабырауаа, адепутатцәа, аветеранцәа, ашколхәыҷқәа.


Возврат к списку