14.05.2022
Лаҵарамза 14 рзы, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада, «Ахьӡ-Аҧша» аорден I аҩаӡара занашьоу Владислав Арӡынба иирамш аҽны ибаҟа амҵан Ешыра ақыҭан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
Ари аусмҩаҧгатә иалахәын Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧсны иҟоу Урыстәыла аамҭалатәи агәрага Максим Литвинов, Аҧсны иҟоу Аҷыдалкаатәи азин-мчы змоуи Олег Боциев, Аҧсны иҟоу ПМА аофициалтә хаҭарнак Гарри Кәпалба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәба, Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аиҳабырауаа, адепутатцәа, аветеранцәа, ашколхәыҷқәа.