Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада афымцамчи изакәанымкәа акриптовалиута арҳареи рызҵаарақәа ирызкыз аилацәажәара мҩаҧигеит

12.05.2022

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа афымцамчи изакәанымкәа акриптовалиута арҳареи рызҵаарақәа ирызкыз аилацәажәара мҩаҧигеит.

Аиҧылара аартуа, аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит афымцамч амыцхәныхра шыҟац иҟоуп ҳәа. Ари зыхҟьо амзызқәа ируакны ишыҟоу акриптовалиута арҳара аҿагыларазы араионқәеи ақалақьқәеи, егьырҭ аусбарҭақәеи рхадацәа рганахьала аусура ишахәҭоу иахьымҩаҧымсуа шакәу.

Акриптовалиута арҳара инамаданы ацәгьоура афакт аҵыхәтәантәи аамҭазы иаарҧшын Бедиа ақыҭан. ААР аекономикатә шәарҭадара акоррупциа аҿагылареи  рзы аусбарҭа аусзуҩцәа Иҷыдоу аотриад алархәны илырхит 320 аппарат, иара аферма афымца иаҿыхын, амыруга еимыхын.

Ахада Аслан Бжьаниа Аҧыза-министр А. Анқәаби Ахада иадминистрациа Анапхгаҩы президента А.Кәыҵниеи рнапы ианиҵеит изыхәҭоу аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа рахьырхәра аҳәаа шьақәыргыланы алеишәатә ҟазшьа змоу азыӡба рыдыркыларц.

Амаининг аҿагылара иазкыз аилацәажәара иалахәын Ахада Ихаҭыҧуаҩ  Бадра Гәынба, Аҧыза-министр А. Анқәаб, Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Апрокурор хада Адгәыр Агрба, АИ Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа, Тҟәарчал араион  Администрациа ахада Исидор Дочиа, АЕ “Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада Ҭенгиз Гырџьынба.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org