Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниа Донецктәи Жәлартә Республика Ахада Д.В. Пушилин Ареспублика амш идиныҳәалеит

11.05.2022

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Донецктәи Жәлартә Республика Ахада Д.В. Пушилин Ареспублика амш идиныҳәалеит.  

Ҳаҭыр зқәу Денис Владимир-иԥа,

Шәаргьы Донецктәи Жәлартә Республика ажәларгьы ишәыдысныҳәалоит Донецктәи Жәлартә Республика  Амш.
2014 шықәса хәажәкырамза 11 арыцхә аҭоурыхтә зыӡба здызкылаз Ареспублика иқәынхо ауааԥсыра зегьы еиднакылоит. Иахьа Донецктәи Жәлартә Республика ақәҿиарақәа аманы аҿаԥхьа иқәгылоу ахықәкқәа рыӡбара иаҿуп, уаҵәтәи амш иазхәыцуеит.
Сгәы иаанагоит, ҳҳәынҭқаррақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа аҿиара роуп ҳәа.
Ҳаҭыр зқәу Денис Владимир-иԥа, ари аныҳәамш азы Донецктәи Жәлартә Республика ауааԥсыра нашәыдкыланы ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org