Ахада акурорттә аамҭазы аҧсны-урыстәылатәи аҳәаа ахысра армариара азҵаатәқәа ирызкны аиҧылара мҩаҧигеит

Аҧсны  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аиҧылара мҩаҧигеит иааиуа акурорттә аамҭазы аҧсны-урыстәылатәи аҳәаа ахысра армариа иадҳәалаз азҵаарақәа ирызкны.

Аиҧылара иалахәын Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Ашәарҭадара  амаҵзура Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аиустициа аминистр Анри Барцыц, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә хеилак рхадацәа.

Аҳәынҭқарра Ахада хшыҩзышьҭра аиҭеит сынтәатәи ашықәс азы аҧсшьаҩцәа рхыҧхьаӡара шырацәахо атәы.
"Ҵыҧхтәи 2021-тәи ашықәс арбагақәа раасҭа сынтәа акырынтә еиҳахоит. Убри аҟынтә иахьынӡалшо аҳәаа ахысра ырмариатәуп, еиҳаракгьы аидара ахьыӷәӷәахо аҭыҧ Адлер ахырхарҭала",-иҳәеит Ахада.

Аслан Бжьаниа аусуратә гәыҧ аҧиҵеит Ҧсоу аӡиас ала аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра армариазы ажәалагалақәа разырхиаразы. Уи напхгара аиҭоит Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба.


Возврат к списку