Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Алан Гаглоев Алада Уаԥстәыла Ахада имаҵурахьы иалхра идиныҳәалеит.
«Ҳаҭыр зқәу Алан Едуард-иԥа,
Ҳаҭыр шшәықәысҵо азгәаҭаны, ишәыдысныҳәалоит Алада Уаԥстәыла Ахада имаҵурахьы шәалхра.
Шәара ижәгаз аиааира ажәлар ишәырҭаз адгылареи аихьӡара ҿыцқәа рзы ирымоу агәыӷреи ртәы аҳәоит.
Сара агәра згоит ҳаиашьаратә республикақәа ирыбжьоу аиҩызара ду аԥхьаҟагьы ҳажәларқәа реизҳазыӷьара инамаданы аԥсны-аладауаԥстәылатәи аусеицура аҿиара ишацхраауа.
Ҳаҭыр зқәу Алан Едуард-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит аихьӡара дуқәа аҭаԥхықәра ду зцу аҳәынҭқарратз маҵзураҟны».