29.04.2022
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва иусуратә ныҟәарақәа хыркәшоуп.
Урыстәыла аҳҭнықалақь аҟны аҳәынҭқарра Ахада диҧылеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Антон Ваино.
Аслан Бжьаниа иусуратә ныҟәарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны иара убас диԥылеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козак. Ирылацәажәеит аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа ирызкыз азҵаарақәа жәпакы.
Аҳәынҭқарра Ахада имҩаԥигеит иара убас аиҧыларақәеи аиҿцәажәарақәеи жәпакы, ҷыдала, Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Рашид Нургалиеви иареи.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иусуратә еиҧыларақәа мҩаҧысуан мшаҧымза 26 инаркны 29-нӡа.